Jump to content

"АЦӘАРҬАНХАЛА"

From Wikisource
АЦӘАРҬАНХАЛА
автор Иуа Абас-иҧа Коӷониа (1903–1928)


АЦӘАРҬАНХАЛА


Дгәаҟуан цәгьаӡа,
Данхалт ицәарҭа,
Дгәамҵуан зынӡа,
Дыҧсуан, ҳаӷеиҭа!

Амши аҵхи
Џьабаа дуны иҧхьаӡон,
Аҟазаара аҵкыс,
Дыҟамзар иҭахын.

Ихы-игәы мариан,
Имч кәадан,
Аиарҭа дафахьан,
Агәҿыӷь дагахьан.

Ргәы иқәҿыӷьт иҭаацәа,
Иҟәаҵт иҭахцәа,
Акрихыҵит, дыбзиамхеит,
Зынӡасгьы дымҧсит.

Аҵыхәтәаны адунеи
Игәы ахшәеит зынӡа,
Ишәақьгьы, ақаруа еиҧш,
Иаакнихт иҧшӡаӡа.

Ахызаҵә нҭаиршәын,
Инадикылт игәы,
Инапала днаҵхан,
Ирҭынчит иҧсы.

Дырҵәыуеит, дырхьит,
Дхьааргеит, дырхәыцт,
Далырхит рхы-ргәы,
Дырхадыршҭит аушәақә.

Дрыцҳахәха дшыҟаз,
Дҭынчхеит иара,
Адунеи цәымӷыс ишимаз,
Далӡааит зынӡа!


1924