Jump to content

"Са сзыцәшәози, хьаа сымам..."

From Wikisource
Са сзыцәшәози, хьаа сымам
автор Иуа Абас-иҧа Коӷониа (1903—1928)


* * *


Са сзыцәшәози, хьаа сымам,
Сықәлеи сҩызцәеи рацәаҩӡоуп.
Са сзыгәдуу саҧхьа игылоуп,
Сымҩа иаша ҧхьаҟа игоуп.

Са сыздыруа сҩызцәа сымоуп,
Сгәы аздырхаҵоит цәгьа дара.
Са саҧсыуоуп, са сгәы еицакуам,
Сазгәдууп Аҧсынра.


1924