Jump to content

Ацгуы иақутәаз аҭакуажә

From Wikisource

Ари ажәабжь ҭаарыхыуп, аргама иҟалаз акы ауп иара. Ауаа зегьы еицырдыро хҭысыуп. Сан рыцҳа, иахааныз сара срыхьӡеит лҳәон, урҭ рҿынтә ауп ларгьы излаҳаз. Иҟалеит Арыҩҭа ақыҭан. Иҟан ҩыџьа аишьҵәа. Аха иалабхи, рыҩны ҧҳәыс дыҩнамызт. Дара шьханыҟуара рыгмызт. Аха арахь еиҧыл рымамызт. Ркуац ахақуа ирықуҵаны идырҩон, ахш-хырҵәы усгьы ирыгмызт. Ҧыла рымамызт арахь акумзар. Изыхҟьозгьы, ркуац ааныӡааны ицон, рышә акузар гуырӡ, шашәарӡ иыӡон. Уама иақушәаны абас иҟан. Ас иахьа, ас уаҵәы. Аҧхасҭа ҕуҕуаны ирауан. Аҵыхуа ҧымҵәеит. Ргуы аныҧҵәаӡа иааицәажәеит «уара ари уамаганы иаҳзыҟалеит. Џьара аӡәы даҳхыччоит, аха дабанӡа ҳхыччоаабап», рҳәан илеицәажәан абас ҟарҵеит. Шәандыҟура дыуӡӡак рыман иаарган уадак аҿы иладыргылт. Ахҩа аадыртыит. Ашә рҩеи акуац рҩеи лҭарҵан, дара ршәақьқуа ааиҵаҵаны аӡәы ацәырдҕуы аҵҟа дыхухуаӡа дыҵаеит. Егьи ааҵра дтәеит.

Ус иштәаз хулеит, арахь џьара ҕбакгьы рбом. Уаҳа нагарҭа амамкуа ргуы ҿыҕьӡаны ишыҟаз мкуа аҟыҧҳәа цгуажә дыуӡак ыҧан аҧенџьыр иаақуҧалеит. Ифҩыс-фҩысо уа иааҩналт, ани ахырга абом. Адыхҳа ацәырдҕуы инықуҧалт. Ашәындаҟурагьы абеит.

Ацәырдҕуы аҵҟа иҵаиаз зегьы ибоит усгьы, ашәындыҟуара иынҭаҧлар ахҩа ахызҩап ҳа игуы иҭоп. Ус иаргьы ашәындыҟуара инҭаҧалт. Иаргьы уи акуымзи дыззыҧшыз аҕьеҩҳа ашәындыҟуара ахҩа лаиркыит. «Уааи, уааи, абаа анцәа иҳаиҭит» ҳа иашьа иышҟа дыҳәҳәеит. Уигьы дыҩны дааит. Ршәақьқуагьы мазеины иыркыуп. Иаргьы ахҩагьы хьынҭын, иьҩахан ныҩдәылыргет.

Агуарҧ агуаны илаганы ныладаргылт. Лабаӡа дыук ааныикылт рыуаӡәы, исшьыр ацкьыс нысхуахуап иҳәыит. Длахагылт. «Ашьшьаҳа ахы ҵраа», иҳәыит ани адәахьы иыҟаз. Ахы ывҵрааны иааҟарҵт. Ус адыхҳа иыҩҭыҧеит ани ацгуажә алақуа цыр-цыро. Аҟуақҳәа ахы даасын азлак ааҭихыит. Иыҩныҳәҳәан арҵәаа ахга ицеит, аха иахца ҳа акррдыро.

Ус маҷӡак ааҵхьаны ауаҩы дааит дкылххы. «Абаа аҩны шәыҟоу. Шьакуа (ргуыла аҭакуажә лоуп) арҵәаа дыҳәҳәо цәгьала дыҟоуп, даҳзеиқуком», нҳәит. Иалаҧхи, еибарыҩны ицеит. Ианне, ргуыла аҭакуажә лызлак ҭыҵит лыӡҕы иақужьуп, дшьаӡабааха. «Ибыхьзеи, нан-дыу» рҳәан иналхагылт. «Сыҧсот, абаа, сыҧсот», лҳәыит. Аишьцәа иыҟалаз ауырзымдырх`уаз, аха иыуҳәои. Ус дсыҟаз дыҧсо далагт, дааикуыркт.

Уи нахыс аишьцәа рышәгьы ыҟан, ркуацгьы аҭыҧаҿы иыҟан. Абас аргама иҟалеит. Дара аишьцәа Ҭаҕса лҧацәа ракун. Лара аҭакуажә дзыусҭаз ҧхашьароуп лҳәан сан исалымҳәеит.